Сергеи Шамба  – Қырҭтәыла анапхгара рҟны адиалог хымԥада алагатәуп
Сергеи Шамба  – Қырҭтәыла анапхгара рҟны адиалог хымԥада алагатәуп

Импыҵахалоу Аԥсны дефакто ашәарҭадара хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сереги Шамба Қырҭәыла анапхгара  рахь ааԥхьара ҟаиҵоит адиалог иалагарц.

Шамба иажәақәа рыла, 30 шықәса ҵит, адиалог иалагатәуп.

Шамба иҟаиҵаз аҳәамҭала, адиалог ҩганкалатәи процессуп, уи амҩаԥгаразы Қырҭтәыла анапхгара рҟынтә ари аҭахызаара аарԥшымызт. «Аха еиуеиԥшым аформатцәа иҟоуп, иаҳҳәап Женеватәи аформати Гал имҩаԥысуа аенергетикатә зҵаарақәа ирызку адиалоги».

Шамба иажәақәа рыла, акоммуникациа аҵак ду амоуп.

«Арҭ азҵаара ахцәажәара ҳалагаанӡа, Урыстәылаҿ ари азҵаара рыӡбеит, ихамҩа Урыстәылантә Азербаиџьан иавсны Шәамахьтәылеи, Ҭырқәтәылеи рахь ицоит, ари амҩа Аԥсны иавсны ицар алшон,» – иҳәеит Шамба. Импыҵахалоу Аԥсны дефакто ашәарҭадара хеилак амаӡаныҟәгаҩ иажәақәа рыла, миллион адолларқәа импықахалоу Аԥсны абиуџьет иҭалон, ахашәала Қырҭтәыла анапхгарагьы аиуон.

Аимакаан ҩмҩак ыҟоуп – аибашьреи ацәаџәареи. Уажәы аибашьра аӡәгьы иҭахым, убри аҟынтә ацәажәара ауп иахзанхо, – иҳәеит Шамба.