Самеба акафедралтә ныхабааҿы Иаса аџьар аҟынтә икыдхра аритуал мҩаҧган [афото]
Самеба акафедралтә ныхабааҿы Иаса аџьар аҟынтә икыдхра атриадициатә ритуал мҩаҧган
Ари аритуал аџьар икыдҵаз Иаса Қьырса анышә дшамардаз, дшырҵәыуаз аанарҧшуеит.
Иахьа аритуал мҩаҧигеит Апатриарх ишьҭрамҭаҩ, амитрополит Шио (Муџьири).
Иахьа Ахәаша ҟаҧшь ауп – Қьырса игәаҟра мчыбжьы азы зегьы раасҭа ихьанҭоу мшуп. Аиашахаҵаҩцәа Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи, икыдхреи, иҧсыжреи иргәаладыршәоит.
Ахәаша ҟаԥшь азы ауахәамақәа рҿы Анцәа имаҵура мҩаԥыргом, избан акәзар, Аҩырацқьа инақәыршәаны, Иаса ауаа рыгәнаҳақәа рхыхразы дыҧсит.
Аиашахаҵаҩцәа ари аҽны акәтаҕь ҟаҧшьла иршәоит, ачахаа ҟарҵоит.






