Саломе Зурабишвили ишаалыцҳаз ала, лаҵара 26 рзы имҩаԥысран иҟоу ауснагӡатә аиҿкааратә комитет ашьаҭаркразы ауаажәларра еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит
Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Саломе Зурабишвили ишаалыцҳаз ала, лаҵара 26 рзы имҩаԥысран иҟоу ауснагӡатә аиҿкааратә комитет ашьаҭаркразы ауаажәларра еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит. Ари атәы Зурабишвили асоциалтә ҳаҿы илҩит.
“Ауаажәларра еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рхаҭарнакцәа ишьаҭаркуеит лаҵара 26 рзы имҩаԥысран иҟоу ауснагӡатә аиҿкааратә комитет. Акомитет иалалоит: ауаажәларратә ҵысрақәа, аҿагылара алахәылацәа, астудентцәа, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа, аполитикатә баандаҩцәа рҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа, аполитикатә партиақәа, “Аҿагылара аплатформа” хаҭарнакцәа”, – иҩит Зурабишвили.