Саломе Зурабишвили Илиа аҩбатәи иирамш идылныҳәалеит – Шәара шәныҳәара  аҧсадгьылаҿгьы уи анҭыҵгьы иҟоу ақырҭуаа зегьы агәыҕра ду рнаҭоит, ампыҵахалатә цәаҳәа нхыҵ инхо ауааҧсыра ргәы шьҭнахуеит
Саломе Зурабишвили Илиа аҩбатәи иирамш идылныҳәалеит – Шәара шәныҳәара  аҧсадгьылаҿгьы уи анҭыҵгьы иҟоу ақырҭуаа зегьы агәыҕра ду рнаҭоит, ампыҵахалатә цәаҳәа нхыҵ инхо ауааҧсыра ргәы шьҭнахуеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәи иирамш идылныҳәалеит.

„Шәыцқьаӡара, абзиабара дула шәиирамш шәыдысныҳәалоит!

Иахьатәи амш ҳтәылазы аҵакы ду амоуп. Шәара, ақырҭуа ауахәама аҧхьагылаҩ иаҳасабала,  акыршықәса рыҩныҵҟа, Анцәеи, аҧсадгьыли, ауаҩи бзиа рбара  аҿыҧштәы ҳшәырбоит, аҟәышреи аиҷаҳареи  рыла ҳшәырқьынцыцуеит.

Шәара шәныҳәара  аҧсадгьылаҿгьы уи анҭыҵгьы иҟоу ақырҭуаа зегьы агәыҕра ду рнаҭоит, ампыҵахалатә цәаҳәа нхыҵ инхо ауааҧсыра ргәы шьҭнахуеит.

Шәыцқьаӡара, агәабзиареи ақәра рацәа анҵреи шәзеиҕьасшьоит, Қырҭтәыла азеиҕьасшьоит иҵегьы акыраамҭа ишәықәгәыҕуа, шәыбзиабара ацәымӡо иҟазарц!“ – иануп Саломе Зурабишвили лыдныҳәаларатә шәҟәы аҟны.