Саломе Зурабишвили – Иахьа аҩ-ганкгьы, апозициагьы аоппозициагьы, атәыла аҿаҧхьа агха ҟарҵоит
Саломе Зурабишвили – Иахьа аҩ-ганкгьы, апозициагьы аоппозициагьы, атәыла аҿаҧхьа агха ҟарҵоит

«Иахьа аҩ-ганкгьы, апозициагьы аоппозициагьы, атәыла аҿаҧхьа агха ҟарҵоит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили есышықәсатәи ажәахә ала апарламент аҿы данықәгылоз.

Лара лажәақәа рыла, атәыла анапхгара, аиқәшаҳаҭхаразы амҩақәа рыҧшаара ацынхәрас, ирықәшаҳаҭым ауааҧсыра зегьы зны ачарҳәаҩцәа, мамзаргьы аибашьра апартиа ҳәа рзырҳәоит. Аоппозициаа, аиқәшаҳаҭхара ацынхәрас, атәыла анапхгара ирҳәалакгьы иҟарҵалакгьы,  зегьы дара роуп Урыстәыла иадгылоит ҳәа рзырҳәоит.

Абри аҩыза азнеишьақәа ҳазрықәшаҳаҭхом, уи асоветтә методқәа ҳгәананаршәоит, атәыла аҩнуҵҟагьы анҭыҵгьы ҳҳәынҭқарра иаҧырхагоуп, ҳтәылазы шәарҭоуп.

Атәыла анапхгара агха ҟарҵоит ҳҭоурыхи ҳаҳаҭыри иазҧхьагәамҭақәа, игәаҕьны иахәҭоу аныҟарымҵо. Уи арқьиара ҟалом. Агәҽанызаара ма ашәара иадҳәалоу иарбанызаалак аргументк ашьаҭа аҵам  ажәала акәзаргьы анамыси ақырҭуа жәлари иахьрықәнаго узымгылар!

Атәыла анапхгара агха ҟарҵоит аӡбарақәа анрыдыркыло аҳәынҭқарратә институтқәа ракәымкәа, рхатә партиа аҧыжәара анарҭо…  Дарбанызаалак аӡәы агәра игараны дыҟоума абри аҩыза ихьанҭаӡоу аҭагылазаашьаҿы Ашәарҭадара ахеилак, знык адымхаргьы, аилатәара шымҩаҧнамгаз, знык адымхаргьы, арратә шәарҭарақәа ишрыламцәажәаз. Абарҭ агхақәа зыҧшра ҟамҵакәа ириашатәуп!

Атәыла анапхгара агха ҟарҵеит  абас зҵакы дуу аамҭазы Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аныҟарҵоз, аҳәынҭқарратә консолидациеи амилаҭтә акзааразы раҧхьатәи ашьаҿеи  адыргала зыӡбахәы ҳәоу азыҳәамҭа азеиҧш напаҵаҩрала анышьақәыдмырҕәҕәа, дара партиак ахьӡала адокумент рнапы аҵарҩит.

Аоппозициаагьы агха ҟарҵоит Брисеели, Киеви, Америкеи уҳәа, аҳәаанырцә зехьынџьара Қырҭтәыла ахьӡ аныладырҟәо, ҳара ҳшәаны, ҳаҳаҭыр ҳазымхәыцоушәа, абас ҳтәыла  аадырҧшыр рҭахуп! Ҳара Евроеидгылеи  НАТОи  ралалареи Америкаҟны апартниорреи ҳаҧсамзшәа.

Аоппозициаа агха ҟарҵоит аполициеи аполициа аусзуҩцәеи раҳаҭыр аныладырҟәо.

Аоппозициаа агха ҟарҵоит  жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа рхы иархәаны,  рхатә политикатә хықәкқәа рынагӡаразы арадикалтә шьаҿақәа рыла атәыла аиҳабыра дырҧсыҽыр анырҭаху.

Аха, аамҭакала, аҩ-ганкгьы акаҿы срықәшаҳаҭуп, атәыла анапхгара ҳгәы ҳҽанызароуп ҳәа анырҳәо срықәшаҳаҭуп, аоппозициаагьы срықәшаҳаҭуп агәымшәара аарҧштәуп ҳәа анырҳәо», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.