Саломе Зурабишвили - Ҳполитика мԥсахӡеит, егьыԥсахуам, амч ахархәарала аҵакырадгьылқәа рырхынҳәра ҳгәы иҭам
Саломе Зурабишвили - Ҳполитика мԥсахӡеит, егьыԥсахуам, амч ахархәарала аҵакырадгьылқәа рырхынҳәра ҳгәы иҭам

Ҳполитика мԥсахӡеит, егьыԥсахуам, амч ахархәарала аҵакырадгьылқәа рырхынҳәра ҳгәы иҭам, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рхан аҟны имҩаԥылгаз абрифинг ҷыда аҿы.

Саломе Зурабишвили аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахь ааԥхьара ҟалҵеит ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигарц.

“Ашәарҭадаратә хеилак Аԥсни Цхинвали иҟоу аҭагылазаашьа иахцәажәароуп, асепаратистцәа арҭ ахҭысқәа рхы иадырхәаны, ауааԥсыра Қырҭтәыла иадҳәаланы иахәҭам агәыҭҟьарақәа, ашәара  аладмырҵәарц азы. Ҳполитика мԥсахӡеит, егьыԥсахуам, амч ахархәарала аҵакырадгьылқәа рырхынҳәра ҳгәы иҭам. Ҳпартниорцәа рҟны аимадара ӷәӷәеи адыррақәа реиҭныԥсахлареи нагӡатәуп”, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада.