Саломе Зурабишвили Евроеидгыла атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәеи, Евроеидгыла вице-ахадеи Каиа Калласи ашәҟәқәа рзылышьҭит
Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Саломе Зурабишвили Евроеидгыла атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәеи, Евроеидгыла вице-ахадеи адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Калласи ашәҟәқәа рзылышьҭит.
Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла адемократиа аганахьала шьҭахьҟа ацара иубарҭоуп, атәыла атоталитартә ҳәынҭқаррас аҽеиҭанакуеит.
“Аҭагылазаашьа ашәарҭа иҭагылоуп. Евроеидгыла ақәҿыҭра аныҟанамҵа, Қырҭтәыла астратегиатә партниора аҳасабала ацәыӡуеит, иара убас уи ишәарҭоу апрецедент ахылҿиаауеит – Урыстәыла Европа агәылацәа русқәа рҽалагалараан адемократиа ахьчара аӡәгьы иҭаххом.
2025 шықәса ԥхынгәы 15 рзы адәныҟатәи аусқәа рзы Ахеилак аилатәала иалагаанӡа, Евроеидгылеи уи иалоу атәылақәеи рахь ааԥхьара ҟасҵоит – атәыла аҭыԥ змоу ахҭысқәа авторитара мҩала амчра аузурпациеи Урыстәылаҟны аимадарақәа рыдгылареи роуп, ари иазыԥхьагәаҭаны Евроеидгыла абираҟқәа кны амчылара иаҿагыла ақырҭуа жәлар шәрыдгыл.
Иахьа акы ианаамҭо аҟамҵара аурыс режим аҿаԥхьа акапитулиациоуп. Астартегиатә ачҳара аамҭа цеит! Уажәы аморалтә амчи аполитикатә аилыккара аарԥштәуп. Қырҭтәыла адемократиа аԥеиԥш, Европа агәрагара, агеополитикатә акзаара ахыцԥаҿ иҟоуп”, – иануп Зурабишвили лышәҟәы аҟны.