Саломе Зурабишвили - Ауаажәларратә аҽалархәраз, ауаажәларра ихьыԥшымзароуп
Саломе Зурабишвили - Ауаажәларратә аҽалархәраз, ауаажәларра ихьыԥшымзароуп

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рхан аҿы Евроеидгылеи  CSRDG-и рыдгылара ала имҩаԥгаз ааглыхра ахырхарҭаҿ ацҳаражәҳәаҩ-қәыԥшцәа рҳамҭатәра ацеремониаҿ дыҟан.

Ахада лпрессмаҵзура аинформациа ала, аҳамҭатәра ацеремониа аҿы иқәгылеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински,  CSRDG анагӡаратә директор Ека Урушаӡе.

Асоциалтә каҭаҿы ахада ишаалыцҳаз ала, ақәыԥшцәа рыԥшьгарақәеи рпроектқәеи ирыбзоураны арегион аԥсҭазаара ҿыц аиур ҟалап

Иреиӷьу асоциалтә ааглыхра ацҳаражәҳәаҩс Анна Ахлоури дҟалеит Мцхеҭа-Мҭианеҭи арегион Ҵеровани ахҵәацәа реиланхарҭа аҟынтә. Аҭынчреи аинтеграциеи жәларбжьаратәи рцентр  (ICPI) адгылара ала Анна Чехиаҿ аҵаратә виза лоуит.