Саломе Зурабишвили – Анапхгаратә гәыҧ рахь ааҧхьара ҟасҵоит ацәымҕратә бызшәа ахархәареи аконфронтациа адгылареи иаҟәыҵырц
  Саломе Зурабишвили – Анапхгаратә гәыҧ рахь ааҧхьара ҟасҵоит ацәымҕратә бызшәа ахархәареи аконфронтациа адгылареи иаҟәыҵырц

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟасҵоит иарбанызаалак амчылара реалра иаҿагыларц,  дара уи ируалуп, абри ауп азинхьчаратә усура хықәкыс иамоу. Анапхгаратә гәыҧ рахь ааҧхьара ҟасҵоит   ацәымҕратә бызшәа ахархәареи аконфронтациа адгылареи иаҟәыҵырц, — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.

Зурабишвили ишылҳәаз ала, иахьа атәылаҿ еилаган Аконституциала ишьақәырҕәҕәоу аҧхықәра – атәылауаҩ цыҧхьаӡа агәаанагара аарҧшразы имоу азин аиқәыршәара, егьи аганахьала  —  аизара ахақәиҭра. Лара лажәақәа рыла, аҩ-зинк еилаган.

«Ауаа, иарку ақәыҧшылараҿы,  азинхьчаҩцәа рҟны еиқәшаҳаҭрала заанаҵы еиҿкааз   русмҩаҧгатә амҩаҧгара алшара рырымҭеит. Амчтә структурақәа арҭ ауаа ршәарҭадара еиқәдыршәар акәын.  Аизара азин – ауснагӡатә амҩаҧгароуп иаанаго, аҭыҧ ақәҵра акәымкәа. Ашәарҭадара ахьчара ҽакала иҟамлозшәа.

Даҽа факткгьы ҳаргәамҵуеит, лымкаала,  анапхгаратә партиа еиуеиҧшым агәыҧқәеи апартиа уажәтәи адепутатцәеи асоциалтә аҳақәа рҿы иаартны аконтракциа иадгылон. Нас, аофициалтә хаҿқәа, апарламент ахантәаҩгьы,  ауаҩы изинқәа ҳахьчоит ҳәа  ирласӡаны иҟарҵаз аҳәамҭақәа ҵакыс ирымои.

Аиашаҵәҟьа уҳәозар, абри аҩыза ахымҩаҧгашьеи ацәымҕратә бызшәеи иахәҭоу ақәыӡбара амҭарала,  анапхгаратә партиеи апарламенттә аиҳареи амчылара иадгылоит, уи иахылҵуа алҵшәақәа зегьы рзы дара роуп аҭак зыҧхықәу. Иахьа сара  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟасҵоит иарбанызаалак амчылара реалра иаҿагыларц,  дара уи ируалуп, абри ауп азинхьчаратә усура хықәкыс иамоу. Анапхгаратә гәыҧ рахь ааҧхьара ҟасҵоит   ацәымҕратә бызшәа ахархәареи аконфронтациа адгылареи иаҟәыҵырц», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.