Саломе Самадашвили -  Шарль Мишель ҳиацәажәеит атәыла анапхгара рықәыҕәҕәара амеханизмқәа рзы
Саломе Самадашвили -  Шарль Мишель ҳиацәажәеит атәыла анапхгара рықәыҕәҕәара амеханизмқәа рзы

Аоппозициатә депутат Саломе Самадашвили ишылҳәаз ала, Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ибзианы еиликаауеит иахьа Қырҭтәыла аҿаҧхьа агеополитикатә проблемақәа шықәгылоу, атәыла адемократиатә аҧеиҧш ашәарҭара ишҭагыло.

«Ҳара ҧхынгәы 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа ҳрылацәажәеит. Ишазгәаҳҭаз ала, Евроеидгыла иалалар зҭаху атәылазы аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟалаз ахҭысқәа аҧырхагара ду рылоуп. Ҳара атәыла анапхгаара рықәыҕәҕәара амеханизмқәагьы ҳрылацәажәеит. Агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа европатәи аган ҳтәыла анапхгара  асанциақәа шырзышьақәдыргыло», — илҳәеит Саломе Самадашвили.