Саломе Самадашвили - Анеитралитет ахцәажәара аҳәынҭқарреи асуверенитети рганхьала ажәылароуп
Саломе Самадашвили - Анеитралитет ахцәажәара аҳәынҭқарреи асуверенитети рганхьала ажәылароуп

Анеитралитет ахцәажәара аҳәынҭқарреи асуверенитети рганхьала ажәылароуп, – илҳәеит аоппозициаа рдепутат Саломе Самадашвили.

Адепутат лажәақәа рыла, анеитралитет атема ишәарҭоу зҵаароуп.

„Ари атема ишәарҭоу зҵаароуп, анеитралитет атема ахцәажәара анапахгара рхаҭарнакцәеи, урҭи ирылгыло аихқәеи, аекспертцәеи алагеит.Анеитралитет ахцәажәара аҳәынҭқарреи асуверенитети рганхьала ажәылароуп. Урыстәылаҿ ибзиаӡаны ирдыруан Украинеи Қырҭтәылеи хараимгакәа Нато ахьрыдрымкылоз, аха уезгьы Украинаҿ аибашьра алагеит, Урыстәыла ҳәынҭқаррақәа рнырҵәара ауп хықәкыс амоу. Урыстәылаҟны анеитралит иазкуазҵаара ахцәажәарала ари апроцесс рзымариахоит,”- илҳәеит Самадашвили.