Саломе Самадашвили – Алхратә комиссиа хада аилазаашьа аҧсахра ииашахон  
Саломе Самадашвили – Алхратә комиссиа хада аилазаашьа аҧсахра ииашахон  

Саломе Самадашвили – Алхратә комиссиа хада аилазаашьа аҧсахра ииашахон

 

«Алхрақәа рахь ажәлар рыгәрагара еиҭашьақәҳаргыларц азыҳәан, алхратә система ҳаҧсахроуп. Убри азыҳәан Алхратә комиссиа хада аилазаашьа аҧсахра ииашахон  ҳәа ҳгәы иаанагоит», — илҳәеит аоппозициатә депутат Саломе Самадашвили Актәи аканал аинтервиу аналҭоз.

Лара лажәақәа рыла, алхратә реформаҿы азҵаарақәа рацәоуп, аха аганқәа рҳәатәы ахьеиқәыршәо азҵарақәагьы иҟоуп, убри аҟынтә, апартиа  «Лело» апартниорцәа рҟны аконсультациақәа рымҩаҧгара иалагеит.

«Венециатәи акомиссиа алахәылацәагьы ҳрацәажәоит. Ҳара еимактәыс иҳамоу азҵаарақәа рзы ргәаанагара еилаҳкаауеит. Абри аҩыза азҵаарақәа иреиуп Алхратә комиссиа хада аилазаарагьы. Ҳара  аимак ахьҳамоу азҵаарақәа рҿы ҳпартниорцәа рыцхыраара ҳҭахуп», — илҳәеит Самадашвили.

Алхратә реформа иазку адокумент  Венециатәи акомиссиашҟа идәықәырҵоит. Апарламент аҿы адокумент иахәаҧшуеит лаҵара 24 рзы.