Саломе Самадашвили – Аиҳара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара иазыхынҳәырц
Саломе Самадашвили – Аиҳара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара иазыхынҳәырц

«Иахьа лабҿаба иаабоит атәыла анапхгареи апарламенти акгьы шыҟарымҵо. Иаҳҳәап, иахьа апарламент Евроеидгыла аҳәарақәа рынагӡаразы аус ауроуп», — илҳәеит апартиа  «Лело» иалахәы  Саломе Самадашвили.

Самадашвили аиҳара рахь ааҧхьара ҟалҵеит Евроеидгыла аҳәарақәа рынагӡара иазыхынҳәырц.

«Евроеидгыла Қырҭтәыла анапхгара рҟынтә иазыҧшуп аӡбаратә клан арбгареи, аӡбаратә реформеи, антикоррупциатә реформеи, егьырҭ аҳәарақәа рынагӡареи, урҭ рынагӡара мариоуп, уи азы аполитикатә ҭаххара ҟалар.

Иахьазы атәылаҿы аилаҩынтәра иацхраауа мчы заҵәык иҟоуп  — «Ақырҭуа гәахәтәи» уи иадгыло  «Жәлар рымчи». Иахьарнахыс апарламентаҿ зҵаара заҵәык иалацәажәароуп – Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара. Апартиа «Лело» апарламентаҿ иакымкәа аинициативақәа цәырнагахьеит. Аиҳара рахь даҽазнык ааҧхьара ҟаҳҵоит Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара иазыхынҳәырц, избанзар, уажәшьҭа ажәлар ржьара шәцәыуадаҩхоит,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа иаҭахыз зегьы ҟарҵазшәа, аха, атәыла, уезгьы астатус амоуӡит ҳәа ҳуааҧсыра шәзыжьом», — илҳәеит  Самадашвили.