Сҭамԥыл Украинеи Урыстәылеи рделегациақәа реиҽцәажәара мҩаԥысуеит
Сҭамԥыл Украинеи Урыстәылеи рделегациақәа реиҽцәажәара мҩаԥысуеит

Ҭырқәтәыла, Сҭамԥыл ақалақь аҿы Украинеи Урыстәылеи рделегациақәа официалтә реиҽцәажәара мҩаԥысуеит.

Аделегациақәа реилазаара мԥсахӡеит. Украинатәи аделегациа иалоуп Украина Атәылахьчара аминистр Алексеи Резников, аанпхгаратә фракциа алидер Давид Арахамиа, Украина ахада ихаҭарнак Михаил Подолиак. Урыстәыла аделегациа дахагылоуп Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Мидински.

Аиҿцәажәара хықәкы хадас амоуп ахымца аанкылара. Аиҽцәажәара иалагаанӡа аганқәа дырԥылеит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан.

Ҭырқәтәыла ахада иқәгылараҿ аибашьра ахыркәшара ахымԥадара дахцәажәеит. Ердоӷан иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла амедиатор ароль нанагӡеит. Ҭырқәтәыла ахада ишааицҳаз, Ҭырқәтәыла  Урыстәыла ахада Владимир Путини Украина ахаад Владимир Зеленскии реиԥылара амҩаԥгара азыхиоуп.