Рухтәи ареспубликатә хәышәтәырҭа Иапониа аиҳабыра рҟнытә атехнологиа ҳаракӡатә амаҭәахәқәа аиуит
Рухтәи ареспубликатә хәышәтәырҭа Иапониа аиҳабыра рҟнытә атехнологиа ҳаракӡатә маҭәахәқәа аиуит, – аанацҳаит Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеа Гиоргаӡеи Қырҭтәыла амедицинатә ҳолдинг адиректор Малхаз Жоржикашвилии Рухтәи ахәышәтәырҭаҿ иҟан. Иапониа ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ Госуки Хоригучии Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеа Гиоргаӡеи Қырҭтәыла амедицинатә ҳолдинг адиректор Малхаз Жоржикашвилии ахәышәтәырҭа аҟәшақәеи атехнологиа ҳаракӡатә маҭәахәқәеи гәарҭеит.
гәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеа Гиоргаӡе Иапониа ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ Рухтәи ахәышәтәырҭа адгыларазы иҭабуп ҳәа иалҳәан, ари аклиника аамҭала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәагьы ирықәынхо ауааҧсыра рзы аҵак ҷыда шамоу иазгәалҭеит.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ лажәақәа рыла, агәабзиарахьчара ахырхарҭаҿ Иапониа Қырҭтәылазы узықәгәыӷыртә иҟоу апартниорцәа шреиу.