Руслан Степанчук  Берлин  Олаф Шольци  Бундестаг ахадеи дырҧылеит
Руслан Степанчук  Берлин  Олаф Шольци  Бундестаг ахадеи дырҧылеит

Германтәыла аканцлер  Олаф Шольц, Берлин, Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы Руслан Степанчук диҧылеит.

Reuters адыррақәа рыла, аиҿцәажәарақәа сааҭк аҟара инагӡон, анеҩс, Руслан Степанчук Бундестаг днеит, уаҟа анапеинҟьарала иҧылеит.

Бундестан ахада украинатәи иколлега адгылара ҕәҕәа изааирҧшит.

«Анапеинҟьаралагьы иубарҭоуп: Германтәылатәи  Бундестаг ҕәҕәала Украина иадгылоит», — иҳәеит  Бас.

Руслан Степанчук хымштәи авизитла Германтәыла дыҟоуп.

Рада ахантәаҩы асоциалтә аҳа  «Фейсбук» аҿы ишиҩыз ала, Украина, раҧхьа иргыланы, Германтәылантә аҭахуп атехника хьанҭеи ҳаамҭазтәи атехникеи.

«Украина Германтәылантә ҳаамҭазтәи атехника аиуразы алшара азцәырҵит. Ҳәарада, ҳара Германтәылантә иаҳа ирацәаны абџьар ҳҭахуп, раҧхьа иргыланы атехника хьанҭеит ҳаамҭазтәи атехникеи.  Ижәхьоу атехникала Урыстәыла абашьра ҟалом. Ҳара, излауа ала ирласны ҳҵакырадгьыл ҳахьчар ҳҭахуп.  Убри аҟынтә, аӡбара адкылара мацара кәымкәа, излауа ала ирласны уи анагӡароуп аус злоу», — иҳәеит  Степанчук.