Русҭавели имҩаду аҿы  «Аҩныҟа Европаҟа» захьӡу акциа мҩаҧысуеит
Русҭавели имҩаду аҿы  «Аҩныҟа Европаҟа» захьӡу акциа мҩаҧысуеит

Русҭавели имҩаду аҿы, апарламент ахыбра аҧхьа,   «Аҩныҟа Европаҟа » захьӡу акциа мҩаҧысуеит.  Уаҟа еизеит Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш иадгыло ауааҧсыра.

Акциа еиҿыркааит аиҿкаара  «Ҧхашьароуп» алахәылацәа. Амитинг иалахәып еиуеиҧшым аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа.

Амитинг алахәылацәа Европарламент адепутатцәа рахь ааҧхьара ҟарҵараны иҟоуп.

Аҭыҧашҟа инагоуп аполициа, автомобилтә аиҭаҵра аанкылоуп.