Русҭавели амҩаду аҿы аҭыԥ змаз аинцидент иадҳәаланы хаҿык даанкылоуп
Русҭавели амҩаду аҿы аҭыԥ змаз аинцидент иадҳәаланы хаҿык даанкылоуп

Иахь, Қарҭ,Русҭавели амҩаду аҿы, Қашуеҭтәи аныхабаа аҵакырадгьыл аҿы идырым ахаҿқәа Хаҭуна Самниӡеи Давид Берӡенишвилии  раҳаҭыр ладырҟәит. Русҭавели амҩаду аҿы аҭыԥ змаз аинцидент иадҳәаланы хаҿык даанкылоуп. Азакәанхьчаҩцәа дааныркылеит Иракли Хомасуриӡе. Афакт азы ашьаус хацыркуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 126-тәи ахәҭаҷ ала.

Хаҭуна Самниӡеи Давид Берӡенишвилии рҿахәы иҿырхит

Русҭавели амҩаду аҿы, Қашуеҭтәи аныхабаа аҵакырадгьыл аҿы идырым ахаҿқәа Хаҭуна Самниӡеи Давид Берӡенишвилии  раҳаҭыр ладырҟәит. Самниӡе лажәақәа рыла, атәылауаа ирзааигәахан, аполитика иазкны азҵарақәа рзықәдыргылан, уи ашьҭахь раҳаҭыр ладырҟәит