Румыниа ахада иалхрақәа актәи ртур аҿы аԥхьагылара имоуп аультраарӷьаратәи акандидат Жорже Симион, аҩбатәи атур лаҵара 18 рзы имҩаԥгахоит
Румыниа ахада иалхрақәа актәи ртур аҿы аԥхьагылара имоуп аультраарӷьаратәи акандидат Жорже Симион, абжьқәа 99.6% анырыԥхьаӡаишеилкаахаз ала, уи 40.6% иоуит. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы Бухарест ахада Никушор Дани иоуп, уи 21% иоуит.
Актәии аҩбатәи аҭыԥқәа аанызкылаз акандидатцәа аҩбатәи атур аҿы лаҵара 18 рзы даҽазнык еиҿагылоит.
Румыниа ахада иалхрақәа 2024 шықәса абҵаразы мҩаԥган. Усҟан аиааира игеит арӷьаратәи акандидат Калин Џьоџьеску, аха Румыниа аконституциатә аӡбарҭа ахада иалхрақәа рылҵшәақәа аԥгахит. Алхрақәа рылҵшәақәа раԥыхра Урыстәыла алхрақәа рнырра шьақәзырӷәӷәоз аԥшыхәратә документ иадҳәалан.