"Роитер" -  Арҭ амшқәа рзы Украина ЕАШ рҟынтә иацҵаны 750 миллион доллар иаҟароу арратә цхыраара аиуеит
"Роитер" - Арҭ амшқәа рзы Украина ЕАШ рҟынтә иацҵаны 750 миллион доллар иаҟароу арратә цхыраара аиуеит

Агентра “Роитер” аинформациала, арҭ амшқәа рзы Украина ЕАШ рҟынтә иацҵаны 750 миллион доллар иаҟароу арратә цхыраара аиуеит. Агентра ари адырра аланарҵәоит ҩыџьа америкатәи ачинҳаракҩцә рҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

“Роитер” аинформациала, ацхыраара аилазаашьа макьана идырым, уи иахьа еилкаахар ҟалоит.

Аконгресс ачинҳаракҩы иҟынтә адырра инақәыршәаны, агентра “Роитер” ишаанацҳаз, Украина аиуеит артиллериатә система хьанҭақәа, урҭ иреиуоуп гаубицақәагьы.