Евроеидгыла Қырҭтәыла атәылахьчара ахырхарҭа 30 миллион евро азалнахуеит
Евроеидгыла Қырҭтәыла атәылахьчара ахырхарҭа 30 миллион евро азалнахуеит

Евроеидгыла Қырҭтәыла атәылахьчара ахырхарҭа 30 миллион евро азалнахуеит, – иануп Европа ахеилка алнарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

“Иахьа Европа аҭынчратә фонд аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахеилак ацхыраара иазкә ҩӡбарак аднакылеит – Молдова арбџьармчқәеи Қырҭтәыла арбџьармчқәеи ацхыраара рзалхра”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Европа ахеилак аинформациа ала, Қырҭтәыла азалырхуеит 30 миллион евро иаҟароу ацхыраара апакет. Ари апакет ала иазыԥхьагәаҭоуп аилеталым аибыҭареи, амаҵзура, атехникатә азыҟаҵара, аиньныртәи, аԥызара-хылаԥшратәи, амедицинатәи, алогистикатәи, акиберхьчаратәи аибыҭара аахәара.

Ахеилак аинформациа ала, Қырҭтәыла ацхырааразы аҳәара ҟанаҵеит 2023 шықәса жәабран 8 рзы. Уаанӡа, 2022 шықәса ԥхынҷкәын азы Европа ахеилак шьақәнарӷәӷәеит 20 миллион евро иаҟароу ацхыраара апакет, 2021 шықәсазы  – 12.75 миллион евро.

Молдова азалхуп 40 миллион евро иаҟароу ацхыраара апакет.