Римтәи Папа адинхаҵаҩра рахь атрадициатә амшаҧытәи ацҳамҭа ҟаиҵеит
Римтәи Папа, Пиотр ацқьа ибазилика абалконантә, адинхаҵаҩра рахь атрадициатә амшаҧытәи ацҳамҭа ҟаиҵеит.
Ибжьагажәаҿ Папа аукраинцәеи аурысцәеи аҭынчра рзеиҕьеишьеит, атҟәацәа — аҩныҟа ахынҳәра, жәларбжьаратәи ауаажәларра — Украинаҿ аибашьра ахыркәшара.
Франциск Ҭырқәтәылеи Сириеи иҟалаз адгьылҵысра иалаӡыз ауааҧсыреи, аидгылара анагӡара ахымҧадареи, аҭынчра ашьақәыргылара амзызла Израили Палестинеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа реиҭашьақәыргылареи далацәажәеит. Иара убас, Папа, африкатә атәылақәа рсоциал-економикатә проблемақәагьы дырзааҭгылеит.