Рикоҭи аҟны автотранспорт азы арежим ҷыда шьақәгылоуп
Рикоҭи аҟны автотранспорт азы арежим ҷыда шьақәгылоуп

Жәларбжьаратәи аҵакы змоу Қарҭ-Сенаки-Леселиӡе автомобилтә амҩа 149-тәи км (Рикоҭтәи аҩхаа) аҿы адгьылбгара ашәарҭа анализ ашьҭахь, аспециалистца ррекомендациа инақәыршәаны, амҩаду аҿы арежим ҷыда шьақәгылоуп. Ари атәы аарыцҳаит Автомобилтә амҩақәа рдепартамент аҟынтә.

Адемаптамент аинформациа ала, мшаԥы 8, асааҭ 07:00 инаркны автотранспорт арежим ҷыдала аныҟәара алшоит.

“Асабша, мшаԥы 8, асааҭ 07:00 инаркны автотранспорт арежим ҷыдала аиҭаҵра алшоит – асааҭ 07:00 инаркны 19:00-нӡа Қарҭ-Сенаки-Леселиӡе автомобилтә амҩа 114 км аҟынтә (Ахалсоԥели) 149-тәи км-нӡа (Зестафони) амашьына ласқәеи апассаџьыртә автотранспорти мацара ирылшоит аиҭаҵра.

Асааҭ 21:00 инаокны 06:00-нӡа аиҭаҵра рылшоит аидаратә машьынақәа мацара”, – иануп аинформациа аҿы.