Иракли Ӷарибашвили - Иахьазы иаартуп ацәаҳәеизак 261 км, уантә 193 км ацәаҳәеизак ҳаиҳабыра ахаан иргылан
Иракли Ӷарибашвили - Иахьазы иаартуп ацәаҳәеизак 261 км, уантә 193 км ацәаҳәеизак ҳаиҳабыра ахаан иргылан

Ҳаиҳабыра анапхгарахьы анааи, 2012 шықәса инаркны иахьанӡа иаартуп ацәаҳәеизак 261 км, уантә 193 км ацәаҳәеизак ҳаиҳабыра ахаан иргылан, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Рикоҭтәи аҩхааҿ ирццаку ацәаҳәеизак 27 км ахҵәаха аартра ацеремониаҿ данықәгылоз.

Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, атәылауаа, атуристцәа, аныҟәаҩцәа амҩа ҿыц ала аиҭаҵра ирзымариахоит.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, жәларбжьаратә ацәаҳәеизак апроект аҿы Рикоҭтәи аҩхааҿ 51 тоннели, 97 ацҳақәеи рыргылара иазыԥхьагәаҭоуп.

„2013 шықәса инаркны иахьанӡа иргылан ма ирҽеин 16 000 км амҩа. Ари зымҽхак ҭбаау усурақәоуп, Аинфраструктуреи арегионалтә ҿиареи рминистрра иаҵанакуа Автомоблтә амҩақәа рдепартамент аланаҵаз аинвестициа 6 млрд лари иаҟароуп, ари аҵак ду амоуп. Ари кыраамҭа инагӡо процессуп, аԥара рацәаны аҭахуп, аха ишыжәбо ала, атәыла ԥсаххоит, арҿиара, аӷәӷәахара иаҿуп“, – иҳәеит Ӷарибашвили.