Аидаратә транспорт Рикоҭтәи аҩхааҿ аиҭаҵра алшоит
Аидаратә транспорт Рикоҭтәи аҩхааҿ аиҭаҵра алшоит

Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵнакуа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациала, аидаратә транспорт Рикоҭтәи аҩхааҿ аиҭаҵра алшоит.

„Рикоҭтәи аҩхааҿ аидаратә автотранспорт азы арежим ҷыда аԥыхуп. Имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа ирыбзоураны, Рикоҭтәи амҩа 149 км ааигәара иакәшаны ицо амҩа еиҿкаан. Ажьырныҳәа 30 инаркны ацраҳәагақәа змоу автотранспорт аиҭаҵра алшоит”, – иануп аинформациа аҿы.