Рикоҭи ахыҵырҭа аартуп
Рикоҭи ахыҵырҭа аартуп

 

Рикоҭи ахыҵырҭа аартуп.  Ари атәы ааицҳаит аҭыҧаҿы аус зуа Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист.

Уажәазы ахыҵырҭаҿы иарбанызаалак атранспорт аиҭаҵра алшоит. Амҩа арыцқьаратә усурақәа хыркәшоуп.

Асду амшала Рикоҭи ахыҵырҭаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспорт ала аиҭаҵра ҟаломызт.