Reuters – Урыстәыла Америка ианаҭеит Украина азҵааразы аиҿцәажәарақәа ирыдҳәалоу аҳәарақәа
Reuters – Урыстәыла Америка ианаҭеит Украина азҵааразы аиҿцәажәарақәа ирыдҳәалоу аҳәарақәа

Урыстәыла Америка ианаҭеит Украина азҵааразы аиҿцәажәарақәа ирыдҳәалоу аҳәарақәа. Ари атәы аанацҳаит агентра Reuters.

Агентра адыррақәа рыла, Урыстәылеи Америкеи рофициалтә хаҿқәа аҵыхәтәантәи хымчыбжь ирылагӡаны арҭ аҭагылазаашьақәа ирылацәажәон.

Reuters аинформациа ишану ала, Урыстәыла абарҭ аҳәарақәа иқәнаргылеит: Украина НАТО иаламлароуп, Украина аҵакырадгьылаҿ атәым аруаа рыргылара ҟалом, Крыми украинатәи 4 регионки Урыстәыла аҵакырадгьыл аҳасабала жәларбжьаратәи азхаҵара роуроуп.

Reuters аинформациа ишану ала, Москва ари аибашьра  «ахадаратә мзызқәа» раҧыхра иаҳәоит, уи мрагыларахь НАТО арҭбаара ааннакылоит.