Reuters - Украинатәи ар Изиум ахырхарҭала аиҭаҵра иаҿуп
Reuters - Украинатәи ар Изиум ахырхарҭала аиҭаҵра иаҿуп

Украинатәи аруаа ампыҵахалаҩҵәа рҟынтә идрыцқьеит Харков ааигәара иҟоу аиланхарҭа Довгенке, иара убас Изиум ахырхарҭала аиҭаҵра иаҿуп, —  ари атәы аанацҳаит  Reuters Украина ахада иофис анапхгаҩы Алексе Арестович иҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Арестович иажәақәа рыла, урыстәылатәи ар аҵакырадгьылқәа рырхынҳәра ирылшом.

Донбасс аинтенсивтә ақәԥарақәа нагӡоит, аурыс аруаа Бахмути Авдеевкеи рхырхарҭала ажәыларақәа мҩаԥыргоит.