Reuters - Даниа Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа адҵала аус зуаз  15ҩык урыстәылатәи аофицарцәа ахырцеит
Reuters - Даниа Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа адҵала аус зуаз  15ҩык урыстәылатәи аофицарцәа ахырцеит

  Буча ақалақь аҿы аҭынчуаа рышьра иадҳәаланы,  Даниа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа адҵала аус зуаз  15ҩык урыстәылатәи аофицарцәа рахцаразы аӡбара аднакылеит.

Reuters ари аинформациа аланарҵәеит Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Иеппе Кофод иҳәамҭа ашьаҭала.

«Буча гәымбылџьбарала арратә ацәгьаурақәа ҟаҵан. Ҳара Урыстәыла идҳардырыр ҳҭахуп Даниа аҵакырадгьыл аҿы аҧшыхәра азин шраҳамҭо», — иҳәеит  Кофод.

Уаанӡа Даниа Ашәарҭадареи аҧшыхәреи рзы  амаҵзура сынтәатәи аҳасабырбаҿы адырра ҟаҵан урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭаҿы аҧшыхәра иаҿыз аофицарцәа шыҟаз.