Reuters  - Британиа Дуи, Италиеи, Финлиандиеи ЕАР палестинатәи ахҵәацәа рыцхыраара агентра афинансыркра ааныркылеит
Reuters - Британиа Дуи, Италиеи, Финлиандиеи ЕАР палестинатәи ахҵәацәа рыцхыраара агентра афинансыркра ааныркылеит

Reuters аинформациала, Британиа Дуи, Италиеи, Финлиандиеи ЕАР палестинатәи ахҵәацәа рыцхыраара агентра афинансыркра ааныркылеит.

Афинансыркра аанкылан “Ҳамас” Израиль аганахьала имҩаԥнагаз ажәылара иамадан ҳәа ЕАР апалестинатәи ахҵәацәа рыцхырааразы агентра аусзуҩцәак ианамырх ашьҭахь.

Уаанӡа ЕАР палестинатәи ахҵәацәа рыцхыраара агентра афинансыркра аамҭала ааныркылеит ЕАШ-и, Австралиеи, Канадеи.