Reuters - 50ҩык раҟара амигрантцәа Беларус аҳәаа ҧжәаны Польша аҵакырадгьыл иалалеит
50ҩык раҟара амигрантцәа Беларус аҳәаа ҧжәаны Польша аҵакырадгьыл иалалеит. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра Reuters.
Польшатәи аполициа аусзуҩцәа амигрантцәа ааныркылеит, урҭ рҟынтә 22ҩык Ираҟ иатәылауаауп.
Польша аҳәаатә маҵзура адыррақәа рыла, иацы, Беларус аган аҟынтә польшатәи аҳәаа аилагара 223 фактқәа аарҧшын.
Ааигәатә Мрагылара аҟынтәи зқьҩыла амигрантцәа Евроеидгыла аҳәаа ахысра амзызла Беларус инеиуеит. Евроеидгыла Беларус анапхгара азакәандаратә мигрантцәа рыла «агибридтә жәылара» рхарарҵан, Беларус иацҵаны асанкциақәа азышьақәыргылара ала иақәмақарит. Беларус анапхгара абри ахарадҵара мап ацәыркуеит.