Рати Брегаӡе – Михаил Саакашвили иныҟәгаразы шықәсыкала иныхын  200 нызқь  лари
Рати Брегаӡе – Михаил Саакашвили иныҟәгаразы шықәсыкала иныхын  200 нызқь  лари

«Михаил Саакашвили иныҟәгаразы шықәсыкала иныхын  200 нызқь  лари», — иҳәеит аиустициа аминистр Рати Брегаӡе   «Аминистр исааҭ» аформатаҿ апарламентаҿы адепутатцәа рызҵаарақәа аҭак анриҭоз.

Брегаӡе иҳәамҭала, Михаил Саакашвили еснагь амедицинатә цхыраара иоуан, уажәгьы иоуеит.

«Аиустициа аминистрра абаандаҩцәа зегьы амедицинатә цхыраарала еиқәнаршәоит.  Михаил Саакашвили еснагь амедицинатә цхыраара иоуан, уажәгьы иоуеит. Иара Қарҭ иҟоу ахәышәтәырҭа дҭоуп, амедицинатә цхыраара иоуеит. Аҳәынҭқарра уи азы аҭак аҧхықәуп. Саакашвили иныҟәгаразы шықәсыкала иныхын  200 нызқь лари, баандаҩык иныҟәгара  17 400 лари иаҧсоуп», — иҳәеит  Рати Брегаӡе.