Рашәара  16-17 рзы Қырҭтәыла ҧхаррахоит,   алышәшәақәа ҟалом, рашәара 18 рзы ақәа леиуеит
Рашәара  16-17 рзы Қырҭтәыла ҧхаррахоит,   алышәшәақәа ҟалом, рашәара 18 рзы ақәа леиуеит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла,  рашәара  16–17 рзы ҧхаррахоит,  алышәшәақәа леиуам,  рашәара  18 рзы ақәа леиуеит,  ҭыҧқәак рҿы акырцгьы леир ҟалап.

Қарҭ хәылбыҽхан аамҭакьаҿла ақәа леиуит. Шьыбжьон атемпература шьҭыҵуеит  +29…+31°C. аҟынӡа.

Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) рашәара 16–17 рзы амш бзиазаауеит, рашәара  18 рзы ақәа леиуеит. Шьыбжьон  +27…+29°C. градус ҟалоит

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла  (Зесҭафони, Қәҭешь,  Самтредиа, Жәыргьыҭ, Мартвили, Озургеҭи) рашәара  16–17 рзы ҧхаррахоит,  рашәара  18 рзы ақәа леиуеит. Шьыбжьон аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  +29…+31°C. аҟынӡа.