Маргус Цахкна – Ақырҭуа жәлар ирасҳәар сҭахуп  - агәыҕра шәцәымӡааит, аҭагылазаашьа иашьашәаланы шәхы мҩаҧыжәга
Маргус Цахкна – Ақырҭуа жәлар ирасҳәар сҭахуп  - агәыҕра шәцәымӡааит, аҭагылазаашьа иашьашәаланы шәхы мҩаҧыжәга

«Европатәи аҧеиҧш зҭахуҵәҟьа  ақырҭуа жәлар ирасҳәар сҭахуп  –  агәыҕра шәцәымӡааит, аҭагылазаашьа иашьашәаланы шәхы мҩаҧыжәга », — иҳәеит Естониа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Маргус Цахкна  Лиуқсембург, адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧыларанӡа.

Иара иажәақәа рыла, Европа Қырҭтәылазы иаартызаауеит.

«Ақырҭуа режим Евроеидгылахь акәымкәа, даҽа мҩак иануп, уи сгәы иалоуп. Европатәи аҧеиҧш зҭахуҵәҟьа ақырҭуа жәлар ирасҳәар сҭахуп: агәыҕра шәцәымӡааит,  аҭагылазаашьа иашьашәаланы шәхы мҩаҧыжәга,  избанзар Шәамахьтәыла аҿырҧштәы ибзиаӡаны иаҳнарбеит ажәлар ирҭахызар,  адемократиатә алхрақәа рымҩаҧгара шыҟало. Убри аҟынтә,  агәыҕра шәцәымӡааит,  Европа Қырҭтәылазы иаартызаауеит», — иҳәеит  Маргус Цахкна.