"Рамштаин" игәыԥ иашьҭанеиуа реиԥылара ажьырныҳәа 9 рзы мҩаԥгахоит
"Рамштаин" игәыԥ иашьҭанеиуа реиԥылара ажьырныҳәа 9 рзы мҩаԥгахоит

Украина азҵааразы “Рамштаин” игәыԥ иашьҭанеиуа реиԥылара ажьырныҳәа 9 рзы мҩаԥгахоит.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыда, аиԥылара ихы алаирхәоит ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин. Ари аформат аҿы ари 25-тәи аиԥыларахоит.

“Рамштаин” аформат Украина арратә цхыраара акоординациазы ЕАШ регидала  2022 шықәсазы  ишьаҭаркын. Уи 50 иреиҳаны атәылақәа иалоуп.

Украина Атәылахьчара аминистр аимадаратә гәыԥ аформат Трамп ихадараангьы шынагӡахо дшақәгәыӷуа ааицҳаит.