Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рматч - иахьа, асааҭ 21:00 рзы Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы
Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рматч - иахьа, асааҭ 21:00 рзы Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы

Абҵара 15 рзы, Амилаҭқәа рлига C2  агәыԥ ахәбатәи атур аҿы Динамо аренаҿ Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рматч  еиԥылоит.

Қырҭтәыла амилаҭтә еизгеи Македониеи амилаҭқәа рлига С2 агәыԥ аҿы 6-6 баллк рыла аԥхьагылара рымоуп. Иаанхаз еиԥыларақәа рҿы аиааира ргар (Шәамахьтәылеи Естониеи рҟны), актәи аҭыԥ аанкылаар ашанс роуеит. Уи иабзоураны В адивизион аҿы аԥхьагылара ирылшахоит.

Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рматч астадион аҿы ахәаԥшцәа рыда мҩаԥысуеит. Аматч аҟынтә ишиашоу атранслиациа иахьа, асааҭ 21:00 рзы Қырҭтәыла Актәи аканал ишәыднагалоит.