Қырҭтәылеи Норвегиеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қарҭ аофициалла аадыртит Норвегиа ацҳаражәҳәарҭа
Қырҭтәылеи Норвегиеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қарҭ аофициалла аадыртит Норвегиа ацҳаражәҳәарҭа

Қырҭтәылеи Норвегиеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қарҭ аофициалла аадыртит Норвегиа ацҳаражәҳәарҭа. Ацҳаражәҳәарҭа аадыртит Норвегиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Анникен Ҳиутфелд Қырҭтәыла лофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аартра ацеремониаҿы еизаз асасцәа рҿаҧхьа иқәгылеит ҩ-тәылак рдәныҟатәи  аусқәа рминистрцәа.

«Қырҭтәыла аиҳабыра рыхьӡала исҳәар сҭахуп Қарҭ Норвегиа ахаҭарнакра аартра ҳшазыразу, норвегиатәи ҳколлегацәа ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьар сҭахуп.

Қырҭтәылеи Норвегиеи рдипломатиатә еизыҟазашьақәа рҭоурыхаҿ иахьатәи амш аҵакы ду амоуп.  Сынтәа ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны  30 шықәса аҵра иазгәаҳҭоит. Ацҳаражәҳәарҭа аартрагьы ибзиаҵәҟьаны аанарҧшуеит аҵыхәтәантәи ҩажәеижәаба шықәса рыҩныҵҟа ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шышьақәгылаз,  ҳара қәҿиарала аус шеицаауа,  уи аҩ-тәылак ирзыфеидоуп», — иҳәеит  Илиа Дарчиашвили.

Норвегиа адәныҟатәи аусқәа рминистргьы Қырҭтәылеи Норвегиеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа дрылацәажәеит.