Қырҭтәылеи Израили реиҳабырақәа атуризм ахырхарҭаҿ аусеицура иазкә аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵадырҩит
Қырҭтәылеи Израили реиҳабырақәа атуризм ахырхарҭаҿ аусеицура иазкә аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵадырҩит

Израиль аофициалтә визитла иҟоу Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Атуризм азы аминистр Ҳаим Кац диԥылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аиԥылараҿ ирзааҭгылеит Қырҭтәылеи Израили ирыбжьоу ахәаахәҭра-економикатәи атуризми рхырхарҭала аусеицура арҭбаара азҵаарақәа.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәылеи Израили реиҳабырақәа атуризм ахырхарҭаҿ аусеицура иазкә аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵадырҩит.