Қырҭтәылеи Италиеи аныҟәцаратә зин аршаҳаҭга азхаҵара иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Қырҭтәылеи Италиеи аныҟәцаратә зин аршаҳаҭга азхаҵара иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Зурабашвили Рим иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Италиа Атранспорти аинфраструктуреи рминистрраҿ аныҟәцаратә зин аршаҳаҭга азхаҵара  иадҳәаланы аиԥылара мҩаԥигеит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

Аиԥылара ашьҭахь аганқәа Қырҭтәылеи Италиеи аныҟәцаратә зин аршаҳаҭга азхаҵара иазку аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩит.

Анапаҵаҩра ацеремониа далахәын Италиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Владимир Борцваӡе.

Абри еиԥш аиқәшаҳаҭрақәа ибжьаҵоуп Қырҭтәылеи Испаниеи, Қырҭтәылеи Ирландиеи, Бырзентәылеи рыбжьара.