Қырҭтәылеи Германтәылеи рырратә усбарҭақәа наҟ-наҟтәи аусеицура ахырхарҭақәа рзы еиқәшаҳаҭхеит
Қырҭтәылеи Германтәылеи рырратә усбарҭақәа наҟ-наҟтәи аусеицура ахырхарҭақәа рзы еиқәшаҳаҭхеит. Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрраҿы имҩаҧгаз аконсультациақәа раан аганқәа рхаҭарнакцәа уажәтәи аусеицура еихшьааланы, 2024 шықәсазы аҧыжәара зауа ахырхарҭақәа ҳәаақәырҵеит.
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа германтәылатәи аган апрактикатә цхырааразы ҭабуп ҳәа раҳәаны, иаҵшьны иазгәарҭеит Германтәыла Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рырҿиареи, ахыхьчаралшара аизырҳареи, НАТО-Қырҭтәыла апакет наӡа анагӡареи аҿы алагала ду шыҟанаҵо.
Аконсультациақәа ирылахәын Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аструктуратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәеи, арратә атташеи, Германтәыла Атәылахьчаратә мчқәа русбарҭа жәларбжьаратәи аусеицуразы адепартамент ахаҭарнакцәеи.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.