Қырҭтәылантә Китаиҟа есымшатәи ареисқәа иалагоит цәыббра 27 инаркны
Қырҭтәылантә Китаиҟа есымшатәи ареисқәа иалагоит цәыббра 27 инаркны

Авиаеилахәыра  China Southern Airlines,   цәыббра  27 инаркны,  Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә,  Урумчи ахырхарҭала есымшатәи ареисқәа рынагӡара иалагоит. Ари аинформациа аланарҵәеит  «TAV Georgia».

Уажәазы ари авиаеилахәыра Қарҭ-Урумчи-Қарҭ ахырхарҭала ареисқәа мҩаҧнагоит мчыбжьыкахь  хынтә.

China Southern Airlines  Қырҭтәылатәи аџьармыкьашҟа ихынҳәит апандемиа амшала хышықәсатәи ааҭгылара ашьҭахь.

Авиаеилахәыра ареисқәа мҩаҧнагоит аҳаирпланқәа Boeing рыла.