"Аҳаирбаҕәазақәа рассоциациа" – Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа рыхҧагьы рахь  ареисқәа мҩаҧыргоит асанкциатә сиа ианым авиаеилахәырақәеи аҳаирпланқәеи мацара
"Аҳаирбаҕәазақәа рассоциациа" – Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа рыхҧагьы рахь  ареисқәа мҩаҧыргоит асанкциатә сиа ианым авиаеилахәырақәеи аҳаирпланқәеи мацара

«Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа рыхҧагьы рҟынтә ареисқәа мҩаҧыргоит асанкциатә сиа ианым авиаеилахәырақәеи аҳаирпланқәеи мацара», — аанацҳаит Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа рассоциациа.

«Ауаажәларратә аинтерес ду иазҧхьагәаҭаны, ҳара даҽазнык аилыркаарақәа ҟаҳҵар ҳҭахуп. Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа зегьы ирыдкьыслоит: Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазеи, Давиҭ Аргылаҩ ихьӡ зху Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазеи, Алеқсандр Қарҭвели ихьӡ зху Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазеи.

Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҳҭоит:еиқәыҧхьаӡоу аҳаирбаҕәазақәа рыхҧагьы рахь  аҧыррақәа нарыгӡоит  асанкциатә сиа ианым авиаеилахәырақәеи аҳаирпланқәеи мацара», —иануп аҳәамҭаҿы.