Қырҭтәылаҟа иааргеит авакцина Sinopharm  100 000 адозақәа
 Қырҭтәылаҟа иааргеит авакцина Sinopharm  100 000 адозақәа

  Қырҭтәыла,  Аџьар Ҟаҧшь амилаҭтә уаажәларра аҟынтә ҳамҭас аиуит авакцина  Sinopharm  100 000 адозақәа.  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Агәабзиаарахьчара аминистрра.

«Қырҭтәыла Аџьар Ҟаҧшь амилаҭтә уаажәларра аҟынтә ҳамҭас аиуит авакцина  Sinopharm  100 000 адозақәа.  Қырҭтәыла Аџьар ҟаҧшьи уи ахаҭарнакреи абри ацхырааразы ҳраҭабууп. Авакцина  100 000 адозақәа раиура Қырҭтәылазы аҵакы ду амоуп», — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Гьаргь Цоцколаури.

Аминистрраҿы ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла Аџьар Ҟаҧшь ауаажәларра амассатә вакцинациа апроцесс активла иалахәып.