Қырҭтәыла визитла даҭааит Нато еидҵоу амчқәа рзыҟаҵаратә центр аиҳаб ҿыц,аинрал-маиор Норберт Вагнер
Қырҭтәыла визитла даҭааит Нато еидҵоу амчқәа рзыҟаҵаратә центр аиҳаб ҿыц,аинрал-маиор Норберт Вагнер

Қырҭтәыла визитла даҭааит Нато еидҵоу амчқәа рзыҟаҵаратә центр (JFTC) аиҳаб ҿыц, аинрал-маиор Норберт Вагнер. Авизит хықәкыс амоуп Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа рылшарақәа, ҷыдала Натои Қырҭтәылеи рзыҟаҵарақәеи ахәшьараҭаразы азеиԥш центр (JFTC) аусуреи аусеицура наҟ-наҟтәи апланқәеи рырдырра. Ари атәы арыцҳаит Атәылахьчара аминистрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аинрал-маиор Вагнер Натои Қырҭтәылеи рзыҟаҵарақәеи ахәшьараҭаразы азеиԥш центр (JFTC) даҭааит. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Нато аинрал дырԥылеит Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаа аинрал-маиор Заза Чхаиӡеи абригадатә аинрал Иракли Ҷиҷинаӡеи. Натои Қырҭтәылеи рзыҟаҵарақәеи ахәшьараҭаразы азеиԥш центр напхгаҩцәа JFTC аиҳабы авизити адгылареи рзы ҭабуп ҳәа иарҳәеит. Аиԥылараҿ ирзааҭгылеит Қырҭтәыла атәылахьчара амчқәа рҿы имҩаԥысуа ареформақәеи, Натои Қырҭтәылеи рзыҟаҵарақәеи ахәшьараҭаразы азеиԥш центр алшарақәа рырҿиареи, 2022 шықәсазы Қырҭтәыла имҩаԥысран иҟоу Қырҭтәылеи-Натои еицымҩаԥырго азыҟаҵарақәа реиҿкаареи.