Қырҭтәыла Польшантә 468 000 доза алаҵа Pfizer аиуеит
Қырҭтәыла Польшантә 468 000 доза алаҵа Pfizer аиуеит

Қырҭтәыла аиҳабыра Польша аиҳабырантә 468 000 доза алаҵа Рfizer аиуеит. Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара министрра аинформациа ала, адонациа актәи ахәҭа Қырҭтәыла ааргахьеит.

Аидара аҭара ацеремониа рхы аладырхәит Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр актәи лхаҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниеи Қырҭтәыла иҟоу ацҳаражәҳәаҩ Мариуш Машкевичи, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандре Хвҭисиашвилии, Ачымазарақәа рхылаԥшра ацентр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡеи.

Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, алаҵа Рfizer хәетапк рыла иаауа амчыбжь азы ааргоит.