Қырҭтәыла "Омикрон" даҽа хәҩык рыдбалан
Қырҭтәыла "Омикрон" даҽа хәҩык рыдбалан

Қырҭтәыла “Омикрон” даҽа хәҩык рыдбалан. Ари атәы ааицҳаит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе.

Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, “Омикрон” атәылаҿ ациркулиациа алагеит.

“Қырҭтәыла “Омикрон” даҽа хәҩык рыдбалан. Иахьазы Қырҭтәыла акоронавирус ари аштамм 29-ҩык рыдбалоуп. Ари аштамм, иара азы иҟазшьарбагоуп  алаҵәаралас, иаарԥшу афактқәа реиҳара амбулатортә ҭагылазаашьаҿы ҳархылаԥшуеит», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.