Қырҭтәыла имҩаҧысуеит аустә туризм аусхкы аҿы идуӡӡоу афорумқәа иреиу афорум -  M&I
Қырҭтәыла имҩаҧысуеит аустә туризм аусхкы аҿы идуӡӡоу афорумқәа иреиу афорум -  M&I

2024 шықәсазы, Атуризм амилаҭтә администрациа аиҿкаарала,  Қырҭтәыла имҩаҧысуеит аустә туризм аусхкы аҿы идуӡӡоу жәларбжьаратәи афорумқәа иреиу –  M&I Tbilisi 2024.  Ари аинформациа аланарҵәеит Атуризм амилаҭтә администрациа.

Аусбарҭа адыррала, зымҽхак дуу аусмҩаҧгатә рхы аладырхәоит  250 иреиҳаны жәларбжьаратәи аилахәырақәа.

«2023 шықәсазы Қарҭ имҩаҧган афорум Discover Georgia Powered by M&I, уи рхы аладырхәит аҭира аусхкы аҿы аус зуа 60 раҟара жәларбжьаратәи аилахәарақәа. Қырҭтәыла аустә туризм аӡыргара амзызла, Атуризм амилаҭтә администрациа аконвенциатәи ацәыргақәҵатәи биуро  20 раҟара жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәеи, аконференциақәеи, жәларбжьаратәи аусмҩаҧгатәқәа ирылахәын.

Аӡыргарақәеи аустә аиҧыларақәеи мҩаҧган Германтәылеи,  Франциеи, Норвегиеи, Даниеи, Швециеи, Кипри, Саудтәи Аравиеи, Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи, Таиланди.

2023 шықсазы Осло имҩаҧгаз  M&I афорумаҿ Қырҭтәыла, амаҵзура еиқәзыршәо  180 тәылақәа рҟынтә иреиҕьу тәылас иазхаҵан», — иануп Атуризм амилаҭтә администрациа аинформациаҿы.