Қырҭтәыла Иапониантә амедицинатә аппаратура аиуит [афото]
Қырҭтәыла Иапониантә амедицинатә аппаратура аиуит [афото]

Қырҭтәыла Иапониантә 110 адефибриллиаторқәеи 155 аелектрогардиографқәеи аиуит. Еиқәыԥхьаӡоу аппаратура ахәԥса 2.8 миллион америкатәи доллар иаҟароуп.

Апроект аҵакы дахцәажәеит Қырҭтәыла иҟоу Иапониа ацҳаражәҳәаҩ Имамура Акира. Ацҳаржәҳәаҩ иажәақәа рыла, амедицинатә аппаратура ҳамҭас аҭара хықәкыса моуп ареанимобилқәа атехникатәганахьала реиӷьтәра.

Иапониа Қырҭтәыла абри еиԥш ацхыраара сынтәа ҩынтә азаанарԥшит. Уаанӡа апандемиа аҿагыларазы Қырҭтәыла аиуит 2.5 млн доллар, иара убас 290 000 доллар зыԥсоу ареанимобиль, иара убас еиуеиԥшым атәылақәа акоронавирус азы алаҵақәа роурц азхы, иапониатәи аган “Ковакс” аплатформахь аларҵеит миллиард доллар.