Қырҭтәыла иҭрыжьуа амедицинатә тауарқәа Германтәылеи, Испаниеи, Италиеи, Бырзентәылеи, Литвеи, Польшеи аҭира иалагоит
Қырҭтәыла иҭрыжьуа амедицинатә тауарқәа Германтәылеи, Испаниеи, Италиеи, Бырзентәылеи, Литвеи, Польшеи аҭира иалагоит

Қырҭтәыла иҭрыжьуа амедицинатә тауарқәа Германтәылеи, Испаниеи, Италиеи, Бырзентәылеи, Литвеи, Польшеи аҭира иалагоит. Ари аинформациа аланарҵеит агентра «Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ». «Doctor goods» — амедицинатә материалқәа ҭзыжьуа раҧхьатәи анаплакуп, абҵара 15-18 рзы уи ахатә аалыҵ цәырнагеит амедицинатә материалқәеи ашьақәыргыламҭақәеи рзы адунеи идуӡӡоу ацәыргақәҵа Medica Düsseldorf аҿы.

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны, анаплакы ахаҭарнакцәа 150 еиҳаны жәларбжьаратәи адистрибиутортә еилахәырақәа ирҧылан, Польшеи, Литвеи, Италиеи, Испаниеи, Германтәылеи, Бырзентәылеи идуӡӡоу аимпортиорцәа рҟны аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит. Аилахәыра «Doctor goods» ахаҭабзиара иреиҳаӡоу астандарт ISO 13 485 анашьоуп, иара убас, ЕЕ аџьармыкьа алаларазы иаҭаху ЕЕ амаркировка амоуп.