Қырҭтәыла-Бырзентәыла аматч азы абилеҭқәа рыҭира иалагоит хәажәкыра 23 рзы
Қырҭтәыла-Бырзентәыла аматч азы абилеҭқәа рыҭира иалагоит хәажәкыра 23 рзы

 

Евро-2024 алхратә етап плеи-офф афиналаҿ  Қырҭтәылеи Бырзентәылеи рматч азы абилеҭқәа рыҭиара иалагоит уаҵәы.

Қырҭтәыла Ашьапылампыл азы афедерациа адыррала, уаҵәы, асааҭ  12:00 инаркны абилеҭқәа раахәара ҟалоит онлаин арежим мацараҿы, асаит  TKT.ge. аҿы.  Уаҩҧсык 4 билеҭк мацара ааихәар илшоит. Абилеҭқәа  10, 20, 30,  50 лари иаҧсоуп.

Евро-2024 алхратә етап плеи-офф афиналаҿ  Қырҭтәылеи Бырзентәылеи еиҧылоит. Аматч мҩаҧысуеит хәажәкыра 26 рзы. Ахәмарра иалагоит асааҭ  21:00 рзы «Динамо Арена» аҿы. Ишиашо ицо арепортаж жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.